Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рзы: ҽаангьы ҳаарц иақәкны иҳамоуп

© Foto / предоставлено Яшей АшубаЯша Ашуба
Яша Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рҿа Аԥсуа команда алахәыла Иашар Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уажәы ахәмаррақәа шымҩаԥысуеи, аԥсуа команда уаҟа изҿуи.
Ашәба Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рзы: ҽаангьы ҳаарц иақәкны иҳамоуп

Урыстәыла имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа. Урҭ ирылахәуп Аԥсны атәылахьчара аминистрра акомендантә рота.

"Ҳара ҳақәгыларақәа хыркәшоуп, атанктә биатлон аҟны актәи аицлабраан иаанааҳкылеит актәи аҭыԥ. Ари ҳара ҳзы хҭыс дууп, ҳақәгылара зегьы иргәаԥхеит. Егьырҭ уажәы ицо ахәмаррақәа рҿы ҳақәгыларатә аҭагылазаашьа ҳамакӡамызт, екипажк ауп иҳамоу, гәыԥк ауп аԥснынтә ахәмаррақәа ирылахәу, аха ҳаԥхьаҟа ҳҽазыҟаҳҵоит, еиҭа ҳаарц иақәкны иҳамоуп. Ахәмаррақәа хыркәшахаанӡа ара ҳаҟоуп, ҳазлахәым рахь ҳцаны ҳахәаԥшуеит акомандақәа шықәгыло, аԥҟарақәа ҳҵоит, анаҩс ҳаԥхьаҟазы ԥышәак аҳасабала ҳхы иаҳархәартә еиԥш. Ҳгәы иҭоуп иааиуа ашықәс азы ҳдевизиаҿы аԥхьахә ҭыԥ аанкылара", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0