Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шәлымба: Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт зҽадызҳәало еиҳа имаҷхеит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа ахада Милор Шәлымба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩрақәа рышҽазыҟарҵо атәы, насгьы ари аспорт хкы азҿлымҳара ахьынӡамоу.
Шәлымба: Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт зҽадызҳәало иаҳа маҷхеит

Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩрақәа мҩаԥгахоит цәыббра 19 рзы.

"Ачемпионат амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп, зегьы аҽазыҟаҵара иаҿуп, аха иазгәасҭарц сҭахуп аҽыбӷаҟазара зҽадызҳәало рхыԥхьаӡара шмаҷхаз. Иахьазы, Аԥсны иааӡаз аҽқәа рхыԥхьаӡара 30 хы рҟынӡа инеиуеит. Урҭ рааӡара аџьабаа ду ацуп. Сынтәа афедерациа аҟынтә ааӡаҩцәа ирыҭан 10 тоннак аҽқәа рхәы, еиҭа усҟак ҳауран ҳаҟоуп. Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩра аԥхьахәтә фонд 1 000 000 мааҭ иҟоуп. Егьырҭ ашықәсқәа рзы уи ианеиҳазгьы ыҟан, аха сынтәа ус иалҵит. Афонд шьақәгылоуп Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы иазоунашьҭыз аԥарақәа рыла", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шәлымба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0