Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа аусуразы: ҳгәы ҳашьҭӡом

© Foto / предоставлено Мироном ЧалмазМирон Чалмаз
Мирон Чалмаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы апандемиа аамҭазы аусушьа, сынтәа акурорт аамҭазы шаҟаҩы аҭаахьоу акадифа аамҭа иадырҳәало агәыӷрақәеи дырзааҭгылеит Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы Мирон Чалмаз.
Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа аусуразы: ҳгәы ҳашьҭӡом

"Ҵыԥх уажәааны 212 нызқьҩык ҭалахьан Афон аҳаԥы, сынтәа 64 нызқьҩык маҷк инареиҳаны. Ԥарала иуԥхьаӡозар 32 миллион маҭ хәыҷык инацны иартәоит, ҵыԥх акәзар, 100 миллион мааҭ ыҟан. Ари амза алагамҭазы даара имаҷны ауаа ҳзааиуан, ус ауп есышықәса ашкол ҭалара аан. Уажәы хәыҷык иацло иалагеит. Ҽнак 2 нызқьҩык анҳзаауа ыҟоуп. Ҳгәы ҳашьҭӡом, ҳаԥшуп, аԥхьаҟа иҟало ҳбап. Ашәахтә ҵыԥх 8 миллион мааҭ шәаны иҟан, сынтәа 2 рыда ҳзымшәаӡацт. Ари исҳәо аамзтәи арбага ауп, ашықәс иалагӡаны акәӡам. Ацхыраара ҟаҵан араиони ақалақьи рзы 6 миллионки 400 нызқь мааҭ рҟынӡа", - иҳәеит Чалмаз.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0