Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габуниа ашәахтәқәа реизгара арбагақәа рзы: агәҭынчымра узцәырыргартә иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГеоргий Габуния
Георгий Габуния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аамзтәи аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит. Иахьатәи аамҭазы ашәахтәқәа рылгара аус шеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Гьаргь Габуниа.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа. Аиԥылараҿы иалацәажәеит 2020 шықәса аҩнуҵҟатәи алагалақәа рыплан анагӡара азҵаарақәа.

Габуниа ашәахтәқәа реизгара арбагақәа рзы: агәҭынчымра узцәырыргартә иҟоуп

"Аҿкы чымазара ашәахтәқәа реизагара арбагақәа ирныԥшит. Урҭ агәҭынчымра узцәарыргартә иҟоуп, аха аплан анамыгӡара зыхҟьаз ачымазара иахҟьаны аекономикаҿы иҟоу аԥсыҽрақәа роуп. Аамз ирылагӡаны еизгоуп, процентла иаҳҳәозар, 81%. Ари аҭагылазааашьа ҵыԥхтәи арбагақәа рҿырԥшра иашаӡам. Избанзар, ҵыԥх ҳҿаԥхьа иқәгылаз адҵеи сынтәатәи аҿи аиԥшымзаара ыҟоуп абиуџьет аҿы. Ус, нанҳәамза мацарала аиԥшымзаара ыҟоуп 116 миллион мааҭ рыла. Иарбанзаалакгьы амзқәа ирымоуп рхатә мчрақәа. Аԥхынтәи еиҳа еиҳахон атуристтә сезон иабзоураны", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габуниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0