Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа: амармалташьтә пты аҿагыларазы ахәшәқәа рзы уадаҩра ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Барганджия
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амармалташьтә птқәа рганахьала анхацәа рҽаҩра ԥырхага амоурц азы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа.
Барганџьиа: амармалташьтә пты аҿагылразы ахәшәқәа рзы уадаҩра ыҟам

"Аакьыскьа аџьықәреи аҽаҩра аҟны инеины аԥхасҭа ҟанаҵеит (амармалташьтә пты - аред.). Адырра анҳау араионқәа рахь адҵа ҟаҵан, ахәшәқәа шьҭын иналак-аалакны иахьцәырҵыз иаразнак аус адулара иалагарц… Аџьықәреи аԥаҵа аналнаго ауп ԥырхага ананаҭо. Амармалташьтә пты умбакәа, иҟамкәа ахәшәтәра уалагар, алҵшәа ҟалаӡом. Иара 15-18 мшы аамҭа амоуп, уи ашьҭахь ахәшә аус ауӡом. Зынӡа аҽаҩра зегьы рфар аасҭа ҩба-хԥа риад (аџьықәреи) бжьысыргьы ахәшәтәраан, алҵшәа ҟалоит. Ахәшәқәа шаны араионқәа зегьы ирыҭоуп 6-нызқь литра еиҳаны. Убасгьы амарамалташьтә пты акыгақәа 2 500 цыра шаны ираҳҭеит", -иҳәеит Барганџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0