Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Малиа Уаԥстәылатәи Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр азы: ихьанҭоу атема ахәыҷы изнагашьа иақәшәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Малия
Адгур Малия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иааны иҟоуп Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр. Урҭ араҟа ахәаԥшцәа иддырбо ақәыргыламҭақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа театр актиор Адгәыр Малиа.
Малиа Уаԥстәылатәи Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр азы: ихьанҭоу атема ахәыҷы изнагашьа иақәшәоит

"Аԥсуа театр асценаҿы ахәаԥшцәа идырбахо ақәыргыламҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп, хаҭала: Ленинград аблокада аан ишьахәыз хҭыск иҟалаз атәы аарԥшуп. Атеатр ишьҭнахуеит ихьанҭоу атемақәа, аха убри аан ахәыҷқәа рызнагашьа иақәшәоит. Ари атетари ҳареи аимадара бзиа ҳабжьоуп. Ҵыԥх дара ахәаԥшцәа ирыдыргалеит Кәымф Ломиа иҩымҭала ақәыргыламҭа - аспекталь "Амра ҭыԥҳа". Сынтәа иҟоу апандемиа иахҟьаны амза 18 рзы иара иаарту аҭыԥаҿ ахәыҷқәа идҳарбарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Малиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0