Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгьиа авирус змоу Гал рыхәышәтәразы

© Foto / предоставлено Астамуром ГамгиаАстамур Гамгиа
Астамур Гамгиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахәышәтәырҭа хада аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус змоу рзы Галтәи ахәышәтәырҭаҿы хазы аҭыԥқәа раартра аус шцо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгиа авирус змоу Гал рыхәшәтәразы

Аԥсны ахада ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иаҭаны аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уаҟа иазгәаҭоуп жьҭаара 5 инаркны массала аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара мап ацәкра. Иара уи адагьы, агәабзиарахьчара аминистрра жьҭаара 15 рҟынӡа анапы ианҵоуп Аԥсны, Аҟәа ақалақьи араионқәеи иахьрыҵанакуа иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны авирус змоу ахаҿқәа рнагарҭа ҭыԥқәа разырхиара.

Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус иахырҟьаны аԥкрақәа жьҭаара 5 инаркны иалагалахоит

"Амза 15 рҟынӡа еиқәыршәатәуп аҟәша. Иҳаԥшааит аҭыԥ. Усҟан ацхыраара лас астанциа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы 10 каруаҭк алаҳхырц азы. Асмета ҟаҳҵеит, иаҭаху азы ашәҟәқәа ҳҩит, иааиуа амшқәа рзы иҳашьҭуеит. Иаарласны ашоура змоу зегьы убри аҟәшахьы инаганы, акоронавирус азы анализқәа ҟарҵаанӡа уа иҟалоит. Аҳақьымцәа уаҟа аус зуло алҳаԥшаахьеит, амедиаҳәшьцәа ракәзар, урҭгьы ҟалоит. Иааиуа амзазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәарҭахь иҳашьҭраны иҟоуп бригадак, урҭ еиқәҳаршәахьеит. Сгәы ианаагоит аҳақьымцәа уаарыдтәалан ишрыхәҭоу аинформациа дара рҟынӡа инаугар, аҿкы ахәышәтәра ҳҭахым ҳәа зҳәо даара имаҷхоит. Аибашьраан доусы иара иус идыруан, уажәы аҭынч ԥсҭазаараҿгьы џьара гәаҟрак ҟалар, аҳақьымцәа ирдыруазароуп дара рыда ажәлар ԥсыхәа шрымам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гамгьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0