Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шәлымба апассаџьырцәа рныҟәгаразы аԥҟара ҿыцқәа рзы: иахьынӡауа инаҳагӡарц ҳаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Шулумба
Леонид Шулумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаажәларратә транспорт аусуразы иалагалоу аԥҟара ҿыцқәа рынагӡара ахьынӡарылшо атәы.
Шәлымба апассаџьырцәа рныҟәгаразы аԥҟара ҿыцқәа рзы:иахьынӡауа инаҳагӡарц ҳаҿуп

Аҟәа ақалақь ахада иқәҵара инақәыршәаны жьҭаара акы инаркны ауаажәлар ныҟәазго автотранспорт аҟны аусура рӷәӷәатәуп арзҩыдара аганахьала COVID-19 азы атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны. Иара убас ишьақәырӷәӷәоуп апассаџьырцәа рныҟәгаразы аамҭалатәи аԥҟара, уи ала асоциалтә дистанциа иазхәыцзароуп, амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргалароуп амашьынаныҟәцаҩцәа, апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара акәзар, атранспорт аҿы иҟоу аҭыԥқәа абжа иреиҳамзароуп.

"Ауаа иагыжьны рныҟәгара иуадаҩу акоуп, аха аус адулара ҳаҿуп. Атранспорт арзҩыдаразы есышьыжь асааҭ фба инаркны уи знапы алаку аҟәатәи анаплакы аҟны иаҿуп. Азҩыдаратә маҭәашьарқәа хәыҷык иҳацәмаҷуп, иаҳзааргараны иҟоуп. Ашоура ашәага, ауаҩы ицәеижь иадымкылакәа ухы иаурхәо, ҳзаарышьҭраны иҟоуп. Ауаа ргәабзиара ахьчаразы адҵа ишаҳәо иахьынӡауа иныҟәаҳгарц ҳаҿуп", - иҳәеит Шәлымба.

Убри аан иара иазгәеиҭеит апассаџьырцәагьы агәаҽанызаара шаадырԥшыша ргәабзиара ахьчаразы иахьа ачымазара ҿкы аганахьала ашәарҭара аныҟоу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0