Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиа: Гәдоуҭаа апты капанны ирҭиӡом, иркуа ршьуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮрий Кварацхелия.
Юрий Кварацхелия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа аҽаҩра зеиԥшроу, амармалташьтә пты аганахьала апроблема шырӡбо.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәарцхьиа сынтәа Гәдоуҭа аҽаҩра зеиԥшроу атәы

"Гәдоуҭа араион ҩажәа қыҭа ыҟоуп. Дгьылла 4-5 нызқь метра ауаа рхы иадырхәоит. Ҵыԥх аасҭа ҩынтә еиҳаны сынтәа адгьылқәа рцәаӷәеит. Аҽаҩра угәы иахәо иҟан, аха аҵыхәтәан хәыҷык аарҩара аԥырхагахеит. Сынтәа акарпыжә рацәаны иаадрыхит араион аҟны - 1200 нызқь тонна рҟынӡа. Ҩба-хԥа нызқь тонна ауҭраҭых аадрыхит, аџьықәреи 1500 - 2 нызқь тонна рҟынӡа сынтәа иҳауеит ҳәа ауп, ахәырма 1200-1500 тонна инацны ҳазыԥшуп, 2 нызқь тонна рҟынӡа амандарина. Ацитрус ҵыԥх аасҭа иаҳа имаҷзаргьы ахаҭабзиара еиӷьуп. Амармалташьтә пты аԥырхага ҳанаҭеит, аха ус ишыҟоугьы ацитруси ахәырмеи аҽаҩра бзиоуп", - иҳәеит Кәарцхьиа.

 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0