Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷбаҳча аусура аиӷьтәразы Казантәи аконференциаҟны иалылкааз

© Foto / предоставила Мадина ТужбаМадина Тужба
Мадина Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколхәыҷқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҳаамҭазы аус рыдулашьа азнеишьақәа ирызкны Казань имҩаԥысуа аконференциа иалахәу Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иззаҭгылаз азҵаарақәа.
Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷбаҳча аусура аиӷьтәразы Казантәи аконференциаҟны илылкааз

Апрофессионалтә ҿиара Ацентр "Конвентус" ааԥхьарала Аҟәа ақалақь администрациа рыцхыраарала аҳҭнықалақь аҵараусбарҭа ахаҭарнакцәа Казанҟа ишьҭын. Дара уаҟа иалахәуп "Ҳаамҭазы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи напхгара рыҭара" захьӡу аконференциа. Уи мҩаԥысуеит жьҭаара 18 инаркны 22-нӡа.

"Араҟа иқәгылоу атемақәа рацәоуп, аха хԥа хадоуп ҳәа азысыԥхьаӡеит. Иахцәажәон згәы бзиам ахәыҷқәа рызнеишьа, ахәынҭқарратә фондқәа еиҿкааны ус еиԥш ахәыҷқәа ацхыраара ду шрырҭо, ршьапы ишықәдыргыло. Иахцәажәон убасгьы, аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа ралкаара аметодқәа, урҭ анаҳҵеит, ҳхы иаҳархәап ҳәа сгәы иаанагоит. Ҩышықәса инаркны фышықәса рҟынӡа анихыҵуа ахәыҷы дгәоуҭар ауп, ашкол ахь данцо деиҭауҳәар ауп, уи илоу аҟыбаҩ имырӡырц. Ахԥатәи амш азы иҳазнаргеит абиуџьет иалам аԥхьаӡарақәа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи радԥхьалара, ацхыраара рыҭара аформақәа", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0