Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кирвалԥҳа Очамчыра арентген аппарат аҟамзааразы: даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҭахуп

© Foto / из личного архива Камиллы КирвалКамилла Кирвал
Камилла Кирвал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адырраҭара "Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла" амҩаԥгаҩ Камила Кирвалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 ахәышәтәраан Очамчыра араион аҿы ауааԥсыра ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Кирвалԥҳа Очамчыра арентген аппарат аҟамзааразы: даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҭахуп

Очамчыра араион аҿы иҟам арентген аппарат, уи аус ауӡом, ачымазара змоу ррыԥҳақәа рҭагылазаашьа гәарҭацаз араион анҭыҵ ицароуп ҳәа еиҭалҳәеит Кирвалԥҳа арадио аефир аҿы.

"Очамчыра араион дууп, 27 қыҭа ахьыҟоу ауаагьы рхыԥхьаӡара рацәоуп. Раԥхьа ачымазаҩ дахьнеиуа араионтә хәышәтәырҭахь ауп. Аҳақьым данысзыӡырҩ ашьҭахь арентген ҟаҵатәуп ҳәа салҳәеит, ахәышәтәырҭаҿы аппарат ахьыҟамыз азы Аҟәаҟа сцар акәхеит. Актәи амш азы санца, уа агәаран сықәгылан сааҭки бжаки инарзынаԥшуа ашоура шсымаз. Усҟан срыԥҳақәа цқьоуп ҳәа сарҳәеит. Мышқәак анабжьыс аҩынтә раангьы сцар акәхеит. Агәаран сшықәгылаз алашара дырцәеит, амш аҩбатәи азыбжанӡа Аҟәа ҳаҟан, ҳазыԥшын алашара аныҟало ҳәа. Алашарагьы ҟамлеит, саргьы сгәы ҽеимшәа анызба аҩны сааргеит. Сыԥсы анеиҭаск аҳақьым исабжьалгеит Галтәи ахәышәтәырҭахь ацара. Аҵыхәтәаны ахәылбыҽха убра аҳақьым сидикылан, арентген ҟасҵеит. Амш зегьы аҩныҵҟа абри аус ҳашьҭан, ари хымԥада, араион ауааԥсыра рзы ауадаҩрақәа цәырнагоит, егьырҭ аамҭақәа иреиԥшымкәа арентген аппарат ахәышәтәырҭаҿы иаҭахуп", - ҳәа азгәалҭеит Кирвалԥҳа.

Иара уи адагьы, ачымазара зхызгаз лажәақәа рыла, араионтә хәышәтәырҭаҿы иҟарҵаӡом биохимиа ҳәа изышьҭоу ашьа анализ, ПЦР- анализ ҟарҵоит. Иааидкыланы ачымазара ахәышәтәра имаҷымкәа аԥара шаго, излымшо ауаа рзы ари еидара ӷәӷәоуп, ҳәа азгәалҭеит лара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0