Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьба иҳәеит амигрантцәа рышьҭахь, иҭацәу аусурҭатә ҭыԥқәа ыҟоуп ҳәа адырра шыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Аджба
Руслан Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аанзыжьыз амигрантцәа рышьҭахь, иҭацәу аусурҭатә ҭыԥқәа ыҟоуп ҳәа аминистррахь адырра шыҟам атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр Руслан Аџьба.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аџьба аҭацәу аусурҭатә ҭыԥқәа ирызкны

"Аџьаус азы азакәан излаҳәо ала, атәым ҳәынҭқарра ртәылауаа, жәаҩык иреиҳаны аусура издызкыло аквота иоурцазы ҳминистррахь шәҟәы ааишьҭроуп. Ҳара ҳганахьала дара ираҳҭароуп алкаа, уаҟа иаҳәозар ауп, арзаҳал алазҵаз ҳтәылауаа рзы урҭ аусурҭатә ҭыԥқәа шыҟам ала. Анаҩсан, ҳара ҳабӷьыц амиграциатә маҵзурахьы инаргоит, уа ироуеит азин жәаҩык инареиҳаны аусура ирыдыркыларц. Ҳара ҳахь аусаҭаҩцәа атәым тәылауаа аусура рыдкыларазы имаҷуп ашәҟәы аазышьҭуа. Азакәан аҿы иарбоуп аусаҭаҩ иусурҭатә ҭыԥ ҭацәыр хәымш рыла ҳминистррахь ашәҟәы ааишьҭроуп аҭыԥ ҭацә шимоу ала, аха уи ҟазҵо даара имаҷуп. Еиҳарак атәым тәылауаа ирыдыргало махәҿала аусура ахьаҭаху ауп, аргылараҿы амҩақәа ррыцқьараҿы уҳәа.  Иахьазы Аԥсны аанзыжьыз амигрантцәа рышьҭахь иҭацәу аҭыԥқәа шыҟоу ала аӡәгьы ашәҟәқәа ааимышьҭыцт", - еиҭеиҳәеит Аџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0