Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷолокәуаԥҳа апедагогика иазкыз аконференциазы: аҵарадырра иацхраауа усуп

© Foto / предоставила Астанда ЧолокуаАстанда Чолокуа
Астанда Чолокуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазы апедагогика иацу актуалтә проблемақәа ирызкыз анаука-практикатә онлиан конференциа алҵшәақәа ртәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра азеиԥши азанааҭтә ҵареи рыҟәша аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо Асҭанда Ҷолокуаԥҳа.
Ҷолокәуаԥҳа апедагогика иазкын аконференциазы: аҵарадырра иацхраауа усмҩаԥгатәын

"Иахьатәи ҳҭагылазаашьаҿы аҵарадырра иацхраауа усмҩаԥгатәын аконференциа. Ҳҵарадырра асистема даҽакала ҳазнеиуазароуп, зхы алазырхәыз зегьы алкаақәа ҟарҵеит. Аконференциа ахыркәшамҭаз алахәылацәа рзы имҩаԥган адиктант, уи иалахәын еиуеиԥшым амаҭәарқәа рырҵаҩцәа. Алҵшәақәа рыла иреиӷьыз алкаан. Аиашазы, аконференциа ас еиԥш ақәҿыҭра аиуеит ҳәа ҳаҟамызт, даара аинтерес кны рхы аладырхәит арҵаҩцәа. Иара убас, Очамчыра ашкол-интернат аҿы агәабзиара иазеиӷьу ачысхкқәа рыҟаҵаразы амастер-класс мҩаԥган, уи адиетолог далахәын. Лара ахәыҷқәа идлырбон ауаҩы иԥырхагам ахәаа-мыхаа шыҟарҵоз. Аҵара министрраҿы иҟаҵоуп алкаақәа, ицоит ацәажәарақәа ииашоу акрыфара, ахәыҷқәа ирзеиӷьу афатә, ачыс ашколқәа рыкрыфарҭақәа рҿы алагалара, уи аус адааулоит. Иаарласны аларҵәара ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷолокәуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0