Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арӡынба иҳәеит акоронавирус аҿагыларазы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуа ацхыраара атәы

© Foto / Сырма АшәԥҳаТаифун Арӡынба
Таифун Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны COVID-19 аҿагыларазы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ацхыраара атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Жәлар Реизара адепутат Таифун Арӡынба.
Арӡынба: Ҭырқәтәыла иҟоу ҳашьцәа рыцхыраарала COVID-19 ахәшәтәраҿы иҳагу аԥшаара ҳаҿуп

"Иаҳзымԥшаауа, иҳагу акы аҟызар, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳашьцәа рыла ацхыраара аҟаҵара ҳаҿуп. Ҳусура зыгьы ззырхоу COVID иаҿагылан ақәԥароуп. Ҭырқәтәыла иҟоуп аԥсуа дернеқьқәа рхадацәа Аҭанур Аҟәысба раԥхьа днаргыланы, Аԥсны агәабзиарахьчара иаҭахыз ахәшәқәа маҷымкәа инарышьҭит. Иааидкыланы, иҟаҵоу ацхыраара зегьы 300 нызықь доллар рҟынӡа иартәоит", - иҳәеит Арӡынба.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, иара убас иазгәеиҭеит дарбанзаалакгьы дахьыҟазаалакгьы ачымазара иҽацәыихьчар шаку.

"Ачымазара еилых ҟанаҵаӡом. Ҭырқәтәылагьы зықьҩыла ауаа аԥсра иаҿуп. Ара аԥсуа қыҭак аԥсраҿы дыҟан ичмазаҩыз. Иара ишьҭахь анаҩс еиҭа 40-ҩык аԥсуаа чмазыҩхеит. Ачымазара излалшо ала аҽацәыхьчара аҭахуп. Асабрадақәа ҳхаҳамҵар ҟалаӡом. Сара сахьынхо ақалақь аҿы жәамиллионк ауаа нхоит, зегьы асабрадақәа рхоуп. Ауаҩы ихы дацәымшәозаргьы, ма иааигәа иҟоу дрызхәыцроуп", - иҳәеит Арӡынба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0