Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Леиба: ашыц ааӡаны, иара аҭыԥ аҿы ианеиҭауҳа ашьҭахьгьы ихьчатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие питомника по выращиванию самшита в АБНИЛОСе
Открытие питомника по выращиванию самшита в АБНИЛОСе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абна аԥышәаратә станнциа аиҳабы Витали Леиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Очамчыра иаартхаз ашыцааӡарҭаҿы аусура шеиҿкаау атәы.
Леиба: ашыц ааӡаны, иара аҭыԥ аҿы ианеиҭауҳа ашьҭахьгьы ихьчатәуп

Очамчыра ашыцааӡарҭа аԥҵоуп ООН ақыҭанхамҩеи афатәааглыхреи реиҿкаара ацхыраарала, Аԥсны 2012 шықәсазы Шәачантәи иқәнагалаз амцаԥшьхәаҷа зԥырхагахаз ашыц аиҭашьақәыргыларазы.

"Ажәлақәа ааган ашыц ахьыҟаз Бзыԥҭа амилаҭтә парк ажәахатәи акилометр аҿы иҟоу ҭыԥк аҟнытә. Урҭ ҩымз-хымз аҟәшәара ҳаҿын. 80 нызықь жәла иахьа иҳамоуп. 100 % рахьынтә 88% рҟынӡа ажәлақәа гәылҭәааны иҟоуп. Ажәлала ашыц наганы иара аҭыԥ аҿы еиҭауҳарцаз быжьба -ааба шықәса аҭахуп. Уи аԥхьа иаҳааӡоз шьҭа еиҭауҳаратәы иҟоуп, ианеиҭауҳауа ашьҭахьгьы ихьчатәуп. Шәкәырча Кәыдры амшын иахьалало аҭыԥ иара иатәын уаанӡагьы, уажәы иҳамоу аиҭаҳатә убра инаганы еиҭаҳҳарц ҳҭахуп, уи ахылаԥшра арҭалоит. Ҳаԥхьаҟа ҩ-нызқь шьапы еиҭаҳҳартә иҳамоуп. Ашыц иара иҷыдоу аҭыԥ аҭахуп, аԥслымӡ бзиа иабоит, адгьыл иахьымчу иҟалаӡом. Уажәы иаартхаз ааӡарҭаҿы иаҭаху ауаа ҳамоуп, рдыррагьы ыҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Леиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0