Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сурманиӡе Аҟәа аӡымҩангага аԥжәаразы: иԥсаххаанӡа, ас еиԥш ахҭысқәа аҭыԥ рымазаауеит

© Foto / предоставил Автандил СурманидзеАвтандил Сурманидзе
Автандил Сурманидзе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе абҵара 9 рзы, ашьыжь аҳҭнықалақь аҿы аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рыԥжәара зыхҟьаз ахҳәаа аиҭеит.
Сурманиӡе Аҟәа аӡымҩангага аԥжәаразы: зегьы ԥсаххаанӡа, ас еиԥш ахҭысқәа аҭыԥ рымазаауеит

Аҟәа, Искандер имҩаду аҿы аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рыԥжәара иахҟьаны амҩаду ӡыла иҭәуп.

"Аӡымҩангага иԥжәаз ҿыц иҟаҵаз акәӡам, уи кыршықәса ахыҵуеит. Уа "Аӡыканал" аусзуҩцәа иацгьы аус руан, ирылшо ҟарҵеит, нас ҽаџьара иԥжәеит, нас уа аҟаҵара иалагеит. Ироулак, иаха аӡы аҩнаҭақәа рахь инеиртә иҟарҵеит, абри зегьы зыхҟьо атрубақәа иахьажәхьоу ауп. Ақалақь аҿы аӡымҩангагақәа зегьы ԥсахны иҟамлакәа, абас еиԥш ахҭысқәа аҭыԥ рымазаауеит. Аинвестпрограммала ақалақь аҩныҵҟа урҭ рыԥсахразы аусурақәа цоит. Алахәҭа еиԥш ауп ишыҟоу аӡымҩангагақәа, уанрыхәаԥшлак аӡы злаҳауа џьаушьаратә иҟоуп", - еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0