Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба Ҟарабах аибашьра аанкыларазы: аӡә даиааироуп, уи ада изеилгаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинрал, Леон иорден занашьоу Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҿы Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы х-ганктәи аиқәшаҳаҭра ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Нанба Ҟарабах аибашьра аанкыларазы: аӡә даиааироуп, уи ада изеилгаӡом

Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы ҳәа аҳәамҭа ҷыда ҟаиҵеит Владимир Путин. Аганқәа рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахымца аанкылахоит абҵара 10 инаркны.

"Ҟарабах салацәажәозар, ҳҳәынҭқареи иареи хара еидызгаӡом. Аибашьраҿы аӡә даиааироуп, аӡә даҵахароуп, уи ада аибашьра зеилгаӡом. 30 шықәса ҵуан азербаиџьанааи ҟарабахааи аибашьра рыбжьеишьҭеи, аха аерманцәа еибашьуан иацтәи амш ала. Дара рҽазыҟаҵаразы ак ацрымҵеит. Азербаиџьаана мызла аҽазыҟаҵара иаҿын. Аерманцәа рыԥшыхәра акызаҵәык рзеилымкааит, ажәҩан иаҵаԥшуа иштәаз абомбақәа рықәҳара иалагеит. Абри аҩыза ҳаргьы ҳҭагылоуп, ҳҽырҭынчны ҳтәоуп. 2008 шықәса раахыс ҵәымыӷк иадымхаргьы ҳаруаа аҳәынҭқарра акгьы адрымҵацт. Иахьа азербаиџьанааа реибашьышьеи аерманцәа ртәи еиԥшымхаӡеит, урҭ уаҵәтәи еибашьрала еибашьуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.      

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0