Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынба аурысцәа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы: азҵаарақәа зегьы хаҵгылара рыҭахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ауааԥсыра рмазаратә зинқәа рыхьчаразы акомиссиа аизара амшхәаԥштә азҵаарақәеи, иҟаҵаз алкаақәеи ртәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акомиссиа ахантәаҩы, Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Гәынба аурысцәа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы: азҵаарақәа зегьы хаҵгылара рыҭахоит

"Уажәтәи аилатәараҿы иқәгылан 17 зҵаара. Еиҳарак уи аибашьра ҟалаанӡа ара иқәынхоз ажәлар рызҵаарақәа ракәын. Урҭ рахьынтә быжьба рҟынтә арзаҳалқәа алоуп аусӡбарҭақәа рахь. Урҭ ақәҵара рыдыркылаанӡа ҳара акомиссиа аҩныҵҟа рыхәаԥшра аанкылоуп ҳәа азыҳаԥхьаӡеит. Зны аусӡбарҭақәа алкаа ҳарҭароуп, анаҩс уи иақәымныҟәар иахьа уажәраанӡа ауадақәа аанкылан измоу, акомиссиа аҟынӡа инаҳгоит, ҳарзааҭгылоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.

Встреча вице-президента Абхазии Бадры Гунба и посла Российской Федерации в Абхазии Алексея Двинянина - Sputnik Аҧсны
Гәынбеи Двинианини алацәажәеит Урыстәыла ауааԥсыра Аԥсны рмазаратә зинқәа рыхьчара азҵаара

Гәынба иара убас ахҳәаа ҟаиҵеит урыстәылатәи ателекан аҟны идырбаз анҵамҭа.

"Урыстәылатәи ателехәаԥшраҿы иарбаз анҵамҭа азҵаара хаҭала ҳазааҭгылеит. Ари аус аурысцәа рзинқәа аилагара иамадоуп ҳәа азыԥхьӡан, аха ҳара ус еиԥш иҳаԥхьаӡом. Аҳәынҭқарра иамоуп ахатәы закәанқәа, урҭ азԥхьагәаҭаны зҵаарацыԥхьаӡа хаҭала ҳарзааҭгылоит. Анҵамҭаҿы иаарԥшыз ауаҩы лырзаҳал шьақәыргылоуп, иахьа уажәраанӡа лара илыҩуаз арзаҳал ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Избанзар, ауада ахархәарахь илыҭан 1986 шықәса рзы, хәышықәса рышьҭахь 1991 шықәса рзы, уи аиқәшаҳаҭра амчра нҵәеит, аха лара иазылыԥхьазеит ауада лара илтәуп ҳәа, убысҟан арзаҳал лыҩит Урыстәыла аиҳабырахь, иара убас акомиссиа ахьӡала. Уажәы ашәҟәқәа еиҭа ишьҭыхны игәаҭан, аилатәараан еиҭахәыԥшын. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩгьы иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу арзаҳал шҵаҵӷәыдоу, анаҩс шәҟәыла еиқәыршәаны иҟаҵаз алкаа ацҳаражәҳәарҭахь ишьҭхоит, хаҭала, арзаҳал зҟынтә иҳаузгьы адырра лыҭахоит", -  еиҭеиҳәеит Гәынба.

Акомиссиаҿы иқәыргылахо азҵаарақәа зегьы рыӡбара алыршахоит азакәан шьаҭа аҭазар, иара аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчара анагӡара азоуны, ҳәа азгәеиҭеит Гәынба. Аибашьра ашьҭахь аурысцәа мацара ракәым, аԥсуаа зықьҩыла зынхарҭа ҭыԥқәа зцәыӡыз ыҟоуп, ҳара милаҭла еилых ҳамаӡам, акомиссиа аҿаԥхьа иқәгылахо азҵаарақәа зегьы ахаҵгылара азаҳуеит, иҳәеит иара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0