Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арӡынба афымцалашара арцәара иԥсаатәааӡарҭа ишаныԥшыз: сус ааннакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРахми Ардзынба
Рахми Ардзынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара иус ишаныԥшыз атәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ачадара ақыҭа аԥсаатәааӡарҭа маҷ аԥызҵаз Раҳми Арӡынба.
Арӡынба афымца сааҭ-сааҭла арцәара иус ишаныԥшыз иазкны

"Ашалара аҟамзаара сус ааннакылеит. Мышкы ф-сааҭк алашара анумам иарбан усуроу, акәҷышьқәа хызхуа лашарада аус ауам. Хәышә раҟара кәҭаӷь сцәыԥхасҭахеит, урҭ шьҭа икажьтәуп. Адизель сымоуп, аха ҩ-сааҭк рыҩныҵҟа хә-литрак абылтәы абылуеит, уи феида алаӡам. Сааҭк алашара ҟамлар еиҭа ҿыц аусура сҽазыскып, аха уигьы иуздырӡом шаҟа алашара ыҟамзаауа, ф-сааҭк рҳәон, быжьба-ааба сааҭ алашара ыҟамызт. Иурҭоит, нас еиҭа иҟам, амаругақәа бжьнахуеит, архьшәашәагақәа. Сара агенератор сзықәгылоуп, исныԥшӡом алашара анмаҷу ианыҳараку, аха измам ирԥсыхәои? Аԥара ду аԥара маҷ ҳәа иҟаӡам ҳара ҳзы, ҳааԥсара ахә аҵкьыс, еиҳа аԥхасҭа ҳауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Арӡынба.

Анхаҩы иажәақәа рыла, ауааԥсыра акәҷышь, акәты аархәаӡом, ачарақәа рыҟамзаара иахҟьаны, аха акәтаӷь иазҵаауа рацәахеит, ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0