Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа: Ҷлоу ақыҭа аԥсы ҭазҵоз ашкол "алахь еиқәышьшьы" игылоуп

© Foto / предоставлено Мариной Джопуа Марина Джопуа
Марина Джопуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Ҷлоутәи ашкол аиҳабы Марина Џьопуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апандемиа аамҭазы ирылшама аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи реимадара ашьақәыргылара.
Џьопуа: Ҷлоу ақыҭа аԥсы ҭазҵоз ашкол алахь еиқәышьшьы игылоуп

"Ашкол аҿы 138-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵон. Ақыҭа аԥсы ҭазҵоз, аԥсҭазаара ԥшӡаны, илашаны, гәыӷрак унаҭо иҟазҵоз, аџьџьаҳәа ашкол ахь ахәыҷқәа ахьнеиуаз акәын. Ҳара есыҽны ашкол аҿы ҳаҟоуп, уи ахала иаанҳажьӡом, аха зегь акоуп, ашкол "алахь еиқәышьшьы" ишгылац игылоуп. Амала, ус ҳҽеиужьны ҳтәаӡам: арҵаҩцәа ҭелла ахәыҷқәа адҵақәа рырҭоит, аха уи класск аҿы 15-ҩык раҟара тәазар, ҩыџьа-хҩык роуп аус рыдулара арҵаҩы иахьлылшо. Ақыҭа дууп, аҿаҩа ҭыԥқәа рҿы инхо, урҭ аинтернет ахархәарала аҵара рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рымаӡам. Ҳара ҳазыҟаҵаӡам адистанциатә ҵара, иара убас техникалагьы ҳаиқәшәам, абжеиҳараҩык аҵаратә платформахь инеиртә еиԥш агаџьетқәа рымам. Ус ҭелла ҳаимадоуп, аха уи аҵара процесс анырра ду анаҭеит ҳәа сызҳәом", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0