Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маршьан Вахтанг Возба изы: иԥшра-исахьа, иуаҩышьа, икәашара-зегь рыла дҳаракын

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Маршан
Зураб Маршан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Зураб Маршьан арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба.
Маршьан Вахтанг Возба изы: иԥшра-исахьа, иуаҩышьа, икәашара - зегь рыла дҳаракын

68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз акәашаҩ, жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" асолист, Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба.

"Ансамбль "Шьараҭын" аԥхьаӡа Едуард Бебиа аиҿкаара даналага аҵараиурҭа ҳаицҭалеит Вахои сареи … 19 шықәса инареиҳаны аус еицаҳуит ансамбль аҟны. Кәашаҩык иаҳасабала аԥхьа дгылан, иааҳалукааша иакәын. Иара изааигәаз ҳакәын Валери Ҭаниа, аишьцәа Хьециаа Вадики Игори. Аԥхьа иааиқәаз ансамбль ахь абиԥара ҳакәын. Вахо Возба дрылҳәҳәон, исахьа-иԥшра, икәашашьа, иуаҩрагьы ҳаракын. Афилармониаҟны аконцертқәа анҳамаз Вахтанг Возба даҳбандаз ҳәа инеиуан ахәаԥшцәа. Дахьыҟазаалак ихымҩаԥгашьа аԥсуара, ауаҩра ацын. Иҩызара бзиан. Иара Аҟәа диит дааӡеит, иани иаби рыҩны тәарҭас –гыларҭас иҳаман", - иҳәеит Маршьан.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0