Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ферзба Вахтанг Возба изы: диашьан, дҩызан, дкәашаҩ ӷәӷәан

© SputnikАнри Ферзба
Анри Ферзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еицырдыруаз акәашаҩ, Жәлар рартист Вахтанг Возба аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит ԥхынҷкәын 4 рзы. Арадио Sputnik аефир аҟны уи иҟазареи иуаҩреи ртәы дрылацәажәеит Аԥсны Жәлар рартист Анри Ферзба.
Ферзба Вахтанг Возба изы: диашьан, дҩызан, дкәашаҩы ӷәӷәан

"Даара ааха ӷәӷәа, ацәыӡ ду ҳамоуп Аԥсны аҟазара аганахьала. "Шьараҭын" Едик Бебиа ашьаҭа икит, иҟаиҵеит, аха, Вахтанг дицхраауан. Акәашарақәа дырҵара аус инапы алакын, иара еиԥш ҽаӡәы ус иқәманшәалахомызт, ансамбль ахь аҿыццәа анааиуаз ацхыраара риҭон зегьы. Асцена ҳанықәгылоз аамҭазы, иара ихатә ахәаԥшыҩцәа иман, убриаҟара бзиа дырбон Аԥсны анҭыҵгьы. Гәалсра дула адышшыларақәа ҟарҵоит Нхыҵ-Кавказынтә, Ҭырқәтәылантә. Асцена данықәлоз иара итәын ахәаԥшцәа, иҭеиҭԥши иуаҩреи рыда уаҳа иуҭахыз? Аҩыза бзиа дҳацәцеит. Иара диашьан, дҩызан, дкәашаҩ ӷәӷәан", - иҳәеит Ферзба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0