Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба иааиуа аԥхынтәи акурорт аамҭазы: макьана иузҳәом аԥсшьаҩцәа еиҳахоит ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Ахба
Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асасааирҭақәа рхеилак аиҳабы Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит иааиуа ашықәс азы аԥсшьаратә курорттә аамҭа зеиԥшрахар ҟало азы.
Ахба иааиуа аԥхынтәи акурорт аамҭазы: макьана иузҳәом аԥсшьаҩцәа еиҳахоит ҳәа

2021 шықәса аԥхын аԥсшьаразы заа иаҿарҵо рахьтә иаҳа аԥыжәара зырҭо аҭыԥқәа хәба рыбжьара Аԥсынгьы ыҟоуп ҳәа аанацҳаит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru.

Иара убасгьы аԥыжәара рымоуп: Ҟрым (35 %), Краснодартәи атәылаҿацә (30%), Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти 15%, Карелиа (3 %). Аԥсны аԥсшьара алзхуа 7 процентк ыҟоуп. Tvil.ru адыррақәа рыла 2021 шықәсазтәи аҿаҵарақәа 20 процент икаҳаит сынтәатәи арбагақәа ирҿырԥшны.

"Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә аԥсшьаҩцәа рзы ирымоу аҭыԥқәа маҷӡам, урҭ актәи аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылар ҟалап. Ҳара аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы ахԥаҭәи аҭыԥ шаанаҳкыло ҳәара аҭахым, аха уи азы аусура аҭахуп. Иҳаҩсуа ашықәс азы алҵшәа цәгьамызт ҳәа уҳәаратәы иҟоуп аԥсшьаҩцәа рҭаара аганахьала. Асасааирҭақәа рхатәы ҭиирҭақәа рымоуп заанаҵтәи аҿаҵатәқәа рыла, урҭ рганахьала иаҳҳәозар, сынтәа нанҳәа инаркны ҭагаланынӡа ишыҟаз еиԥш убас иҟалоит. Ашықәс ҿыц атәы ҳҳәозар, ари алашара арцәарақәа иҟоу азы ажәабжь рылаҵәаны иҟоуп. Иаԥхьо ауаҩы иҭаххаӡом аӡын мшы ус ара ихигарц. Аԥхынтәи амшқәа ракәзар, ауаа ҟалап ҳәа сгәыӷуеит. Уажәы иузыҳәаӡом 10-20 процент рыла ауаа иаҳа еиҳахоит ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0