Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Оҭырба ашьхацаразы: знык уанца, нас аангылашьа умаӡам

© Foto / предоставлено Иваном Отырба Иван Отырба
Иван Отырба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьхақәа жәларбжьаратәи рымш аҽны Аацы ақыҭанхаҩы Иван Оҭырба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьхақәа ирыцу агәыбылреи, насгьы шьхацан аамҭазы арахә рыҽшеиҭаркуеи ртәы.
Оҭырба ашьхацаразы: знык уанца, нас аангылашьа умаӡам

"Знык ашьха ануба, нас аангылашьа умаӡам, лассы-лассы уцар уҭаххоит. Аҳаракыра, аҳауацқьа…  Сара раԥхьаӡа ашьхара санца 12 шықәса схыҵуан, усҟан саб сицны сцалон. Уажәы ҳара ашьха ҳтәарҭа- ҳгылараҭа Пыв ҳәа иахьашьҭоу ҭыԥуп. Аӡынра ичҳаны ҳтәоуп, знык ааԥынра ааиндаз ҳәа, нас аԥхын ҳхатәы рахә ҳаманы ҳцоит. Дара арахә рхаҭагьы ашьхацара аамҭа анааилак адырра урҭоит ицарц шырҭаху, игәарҵӡом, агәашә илагылоуп. Арахә ашьхараҿы хьарала иацырҵоит ианхалалак ашьҭахь. мчыбжьык ааҵуаны еиԥш. Арахә рхаҭагьы ирыцлоит, аӡы бзиа, аҳаскьын, нас ианылбаалакгьы аӡын аӷыҵысра иаҳагьы ирзымариоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Оҭырба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0