Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапба аҩнеихагылақәа рҿы амца зҭарҵо арԥхагақәа рыргыларазы: азин ылхтәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Капба
Аслан Капба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҩнусбарҭа №5 аиҳабы Аслан Қапба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амца зҭарҵо арԥхагақәа мамзаргьы ауаџьаҟқәа аҩнеихагылақәа рҿы рыргыларазы иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Қапба аҩнеихагылақәа рҿы амца зҭарҵо арԥхагақәа рыргыларазы: азин ылхтәуп

"Амца зҭарҵо арԥхагақәа ауаа аамҭа кьаҿк азоуп иахьдыргыло, убри аҟнытә зинк, ма қьаадк рнапаҟны ирымоуп ҳәа аҳәара иашам, убри аан иҟоуп аҩнеихагылаҿы ауаџьаҟқәагьы азҭаз. Хымԥада, аҩны андыргылоз аԥечка ахархәара азыԥҵәамызҭгьы азин ылухроуп. Аха аибашьра ашьҭахь ишыҟаз еиԥш ауааԥсыра инеиԥынкыланы аԥенџьырқәа рҿы атрубақәа кылырҳәҳәаны арԥхагақәа ргыланы ирымоуп уажәы ҳәа аҳәара иашам, шамахамзар, урҭ уԥылаӡом. Уи амшала ҳара макьана аӡәгьы дҳадымҵаалацт. Ҳусзуҩцәагьы аҩнқәа хылаԥшра рызҭо рылагьы иуҳәар ҟалоит ус еиԥш ахҭысқәа шаҳамбац. Иаҳбар, уи амца иазыԥҵәоу аԥҟара еиланагозар, ма дара ҳрыҿцәажәоит иқәыргарц, ма абылратә усбарҭа адырра раҳҭоит, анаҩс дара аԥечка аргылара аҩнеихагылаҿы аԥҟара иахьынӡақәшәо гәарҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қапба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0