Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит COVID-19 зыхьыз ацхыраара лас аусзуҩцәа ргәабзиара шыҟоу

Анапаҵаҩра
Ацхыраара лас ареспубликатә станциа аҳақьым хада Аслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит напхгара зиҭо амедицинатә усзуҩцәа рыбжьара COVID-19 зыхьыз шыҟоу, урҭ рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Џьапуа еиҭеиҳәеит COVID-19 зыхьыз ацхыраара лас аусзуҩцәа ргәабзиара шыҟоу

"Згәабзиара шәарҭоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Иахьазы ҩыџьа Аҟәа хкырацәалатәи агоспиталь аҟны ишьҭоуп, рҭагылазаашьа уаршәартә иҟам. Згәабзиара ҽеимыз ачымазаҩ хьанҭа ҳәа аӡәы дҳаман. Уи Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны лгәабзиара шьақәыргыланы, шьҭа улцәымшәартә аҩны дыҟоуп. Зынӡа фҩык ҳусзуҩцәа чмазаҩхеит, иааизакны 80-ҩык ҳаиҳауп. Ԥшьҩык ачымазара рхыргахьеит. Агәабзиарахьчара аганахьала аус зуа ауаҩы иаҳагьы ашәарҭара дҭагылоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0