Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиԥҳа: сынтәа Ашықәс ҿыц аныҳәазы хәыҷык ҳгәалаҟара ыҟам, ҳабжьы ныҵакшәа ҳцәажәоит

© Foto / предоставлено Ритой АжибаРита Ажиба
Рита Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион акультура аҟәша аусбарҭа аиҳабы Рита Ажьиԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа рыҽшазыҟарҵо араион аҟны.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажьиԥҳа Ашықәс ҿыц аныҳәа аԥылара рыҽшазыҟарҵо Тҟәарчал

"Сынтәа иҟалаз ачымазара ҿкы иахҟьаны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыбжеиҳарак аанкылоуп Аԥсны ахада иқәҵара инақәыршәаны. Тҟәарчал уажәы еиҳахеит аҿкычымазара зыхьыз, убри аҟынтә иаҳа аҽынкылара ааҳарԥшуеит. Иахьарнахыс аԥсаӡҵла архиара ҳалагеит, уи акультура ахан аҿаԥхьа игылоуп. Убасгьы Тҟәарчал иагәылсуа амҩадуқәа рырхиара ҳҽазыҟаҳҵоит, арҭ ҩымш-хымш ауснагӡатәқәа хҳаркәшап ҳәа ауп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аныҳәазы ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа шырхиахо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0