Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абҳазоу ҿырҳәала аԥхьара онлаин аицлабразы: аҿар рааӡара, рымҩақәҵара иазырхоуп

© SputnikВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы ицәырҵыз аԥшьгамҭа ҿыц аԥсуа литература иазҿлымҳахо аҿар рааӡара ишазырхоу.
Абҳазоу ҿырҳәала аԥхьара онлаин аицлабразы: аҿар рааӡара, рымҩақәҵара иазырхоуп

"Аҷымазара ҿкы иахҟьаны ҳусура аформат ҳаԥсахыр акәхеит. Аԥшьгамҭа ҿыц цәырҳгеит - аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала рыԥхьара аҿарацәа рыбжьара онлаин-аицлабра. Ҳхы ԥаҳшәеит, иаҳнарбеит иманшәаланы амҩаԥгара шауа ас еиԥш аицлабра. Иазаҳаӡбеит аԥхьаҟагьы ари апроект ацҵара. Уи аиҭакрақәа алагалалатәуп иазхьаԥшларц, иаҳа азҿлымҳара арҭаларц. Сынтәа зиубилеиқәа ыҟоу ашәҟәыҩҩцәа Миха Лакрба (диижьҭеи 120 шықәса ҵуеит ажьырныҳәамзазы), Иван Ҭарба (диижьҭеи 100 шықәса ҵуеит хәажәкыразы). Дара рҩымҭақәа рыла хазы-хаз аицлабрақәа рылаҳҳәеит ҿырҳәала аԥхьаразы", - иҳәеит Вахтанг Абҳазоу.

Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит 15 инаркны 25 шықәсанӡа зхыҵуа аҿар.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0