Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷыԥҳа Аҟәа амобилтә бригада аусуразы: макьана иасуа зегьы ҳрыхьӡоит

© Sputnik / Илона ХварцкияИндира Амичба
Индира Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа еиҿкаау амбулатортә центр афельдшер, администратор Индира Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амобилтә бригада аусура шеиҿкаау атәы, насгьы ирацәаҩума ацхыраара иаҳәо.
Хра злоу ахҭысқәа: Амҷыԥҳа Аҟәа амобилтә бригада аусуразы

Амобилтә бригада еиҿкаауп иеиҳабыратәым аиҿкаара апроект ала. Абригадазы иаахәоуп автомобиль. Уи аԥара ахшәаауп Апарламент ахатә биуџьет аҟынтәи.

"Амобилтә бригада аус ауеижьҭеи хымш роуп иҵуа. Иара шьақәгылоуп аҳақьыми амедиаҳәшьеи рыла. Арахь иасуа ауааԥсыра даара ирацәаҩуп. Зхы иамыхәо ачымазаҩцәа ирзылырҩааз ахәшәқәеи агәырқәеи рыҟаҵара ҳрыцхраауеит. Ацхыраара раҳҭоит иара убас атәанчаҩцәа, ауаа зықәрахь инеихьоу, зхала иҟоу. Ашьыжь асааҭ жәба инаркны ҳусура иалагоит, ахәылбыҽха 6 рҟынӡа, иасуа зегьы ҳрыхьӡоит макьана. Ҳара ҳамбулатортә центр инанагӡо аусура зегьы хәыда-ԥсадоуп, иадҵаало зегьы аҳақьым иҟынтә ашәҟәы имазароуп, иара убас Аԥсны атәылауаҩшәҟәгьы. Амцҳәарыла макьана иаҳмыԥхьацт, ҳаԥхьҟа иҟало атәы сыздырам", - ҳәа еиҭалҳәеит Амҷыԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0