Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа амаинингқәа рызҵааразы: рҿыхра мацара азхаӡом

© Sputnik / Марианна Кубрава Алхас Читанава
Алхас Читанава  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаинингқәа рҿыхразы ицо аусуреи, уи алҵшәа аманы иҟаларцаз иҟаҵатәуи ртәы иҳәеит.
Раионк аԥсҭаазараҟынтә: Ҷыҭанаа амаинингқәа рызҵааразы

"Аусурақәа амаинингқәа рҿыхразы ҳаҿуижьҭеи акрааҵуеит. Аха уадаҩрас иҟоу акоуп, аҿыхрада уаҳа азин ҳамаӡам. Акы аҿыхны егьы аҿы унеиаанӡа, иаҿырхыз аҿаркуеит. Азинтә усбарҭақәа ироур алшара ԥҟарада аус зуа афермақәа рмаругақәа рымхразы, убри лҵшәаны иҟалоит, уи азы административтә кодекс алагалақәа аҭахуп. Шьҭа ҩымз раҟара ҵуеит ари азҵаара аганахьала аусурақәа цоижьҭеи уахгьы-ҽынгьы. Афермақәа дуқәа иаҿаҳхыз амаругақәа доусы рыҩныҟақәа рахь иргеит. Амаҵурҭақәа, аҩнаҵаҟақәа, аҭуанқәа рҿы иқәыргылан аусура иаҿуп. Убри ауадаҩрақәа ҳазцәырнагоит. Ауаҩы иҿы унеины аҿыхра ҟалом, уи аҩыза азин ҳамам. Арцәара уи ус мариоуп, амаинингқәа ахьыҟоу зегьы еилкааны иҳамоижьҭеи акрааҵуеит, аха иурцәеит - иаҿаркит, убри аҟнытә акгьы аҽаԥсахӡом", - еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0