Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гамгьиа амаинингтә маругақәа рзы: аӡәы ҳаимазҵаакәа аҿакра ҳхы иаҳзаҭәашьом

© Foto / предоставлено Адгуром ГамгияАдгур Гамгия
Адгур Гамгия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҟны инхо Адгәыр Гамгьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны игәаанагара иҳәеит амаинингтә фермақәа рҿыхра ироуа афымцамч ахаҭабзиара ишаныԥшыз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгьиа амаинингтә фермақәа русура иазкны

"Иҟоуп раионла иахьырԥырхагоу (амаинингтә фермақәа – аред.), џьара идырцәоит алашара, иҟоуп иахьмаҷу. Ҳара ҳганахьала Гәылрыԥшь араион аҟны даара иаҳԥырхагоуп ҳәа збом амаинерқәа. Уаанӡа ишыҟаз еиԥш иҟоуп алашара сахьынхо. Иара амаинингқәа ирыхҳәааны исҳәар сҭахын, аҷкәынцәа аџьабаа рбеит, аԥара рацәа ахҭнырҵеит. Иахьа Аԥсны аԥарарҳара маҷуп, рхы иахәаны акы ҟарҵозар, алашара ахә аофициалла иршәо, ишахәҭоу азин роуны лшарак ҟалар ицәгьамызт ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳԥарагьы Аԥсынра иҭыҵны џьаргьы ицаӡом, анхара иадҵахоит. Алшара ҟалар закәанла алашаразы иахәҭоу аофициалла ауаҩы днеины ишәо, уи бзиагәышьоуп. Ак ҳамазар акәхақәап ҳаргьы (акриптоԥара арҳаразы амаргуақәа рзы-аред), иаҿашәымкын афымцалашара амч амаӡам рҳәан, ирцәаны иҟоуп зегьынџьара, сара сҿы мацара акәым. Уаҩы ҳаимазҵаакәа аҿакра ҳхы иаҳзаҭәашьом, азакәангьы ҳацныҟәароуп, аиҳабыра ирҳәогьы ҳаизхәыцны акахьы ҳкылсроуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Гамгьиа.

Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарраҟны амаинингтә фермақәа русуразы азин аныҟала, киловатт сааҭ цыԥхьаӡа амаинерцәа иршәо азы аофициалла ашәахтә рықәырҵар, дшазыразу уи ахшәаара.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0