Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьал: Аԥсны асовет тәылақәа рахьтә абарит ахьыҵоу еиҳау ҭыԥны иԥхьаӡан

© Foto / предоставлено Анатолием ДжинджолияАнатолий Джинджолия
Анатолий Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1961 шықәса рзы Арасаӡыхь ақыҭан иалагеит абарит аҵхра. Иахьазы ари аминерал ахархәара ахьынӡамоу, насгьы уаҳа иамоума урҭ адгьылқәа рҿы уи "амал", абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьхатә нџьныр Анатоли Џьынџьал.
Џьынџьал: Аԥсны асоветтә ҳәынҭқарақәа рахьынтә еиҳау абарит ахьыҵоу ҭыԥны иԥхьаӡан

"Арасаӡыхь иҵухыша амал ыҵан 116 нызқь тонна. Шықәсык иҵырхуан 16 нызқь тонна. 1970 шықәса рзы уа иҵхны иалгеит, аха уи ашьҭахь Кыцикәара ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы еиҭа иаман. Уаҟа х-ҭыԥкны ишоуп. 1981-1982-нӡа аԥшааратә усурақәа цон, аха аминерал 50 сантиметр, 30 сантиметр ҳәа акәын ишыҟаз, аҵхразы аҵакы амамызт ҳәа иԥхьӡан. Ҩышықәса раԥхьа Маршьан ҷкәынак Ҭырқәтәылантәи уа аус иуан. Саргьы уа сиднагалеит. Иҳаԥшааит акартақәа абарит ахьамаз аҭыԥқәа аазырԥшуа. Уаҟа иаҳәоз зегьы иашан. Адәахьы ицәырҵуеит абарит, уи ииашаҵәҟьаны аартра иаԥсам, ашахтагьы аргылара иаԥсам. Иақәуҵо иаҳа еиҳахоит иалухуа аасҭа, убри аҟынтә Кыцикәара иамаз амал нҵәеит ҳәоуп агеологцәа ишырыԥхьаӡо. Аха абарит Аԥсны иҟоуп. Аҟәатәи аӡтәы фымцатә станциа аҩадахьы агәаҭарақәа мҩаԥызгоз иалыркааит уи аҭыԥ. Иара асоветтә ҳәынҭқарақәа рахьынтә абарит ахьыҵоу еиҳау ҭыԥны иԥхьаӡан. Усҟан аҵхра алымшеит. Аԥсны курортә ҭыԥны иахьыҟаз ауп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уажәы абарит ахә бзиа амоуп, тоннак 250-300 доллар рҟынӡа иаԥсоуп. Иахьынӡаздыруагьы ауаҩы алицензиа игахьеит уи аҭыԥ аҿы аусурақәа рымҩаԥгаразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0