Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәираиа еиҭеиҳәеит абнатә кәатақәа Шәқәырча патуқәҵарыла изрыдыркыло атәы

© SputnikЭраст Квирая
Эраст Квирая - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа Шәқәырча аӡиа ааигәа анхара змоу, ашәарыцаҩ Ерасҭ Қәираиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абнатә кәатақәа рахь ирымоу азҿлымҳареи, апатуқәҵареи, ус изрызныҟәои ртәы.
Қәираиа еиҭеиҳәеит абнатә кәатақәа Шәқәырча патуқәҵарыла изрыдыркыло атәы

"Аӡиа акәшамыкәша ашәарыцара ҟалаӡом, убри аҟынтәи аԥсаатәқәа, дара акәатақәагьы иҭынчраны ирбоит азы иаанкылоит, иԥхьоит. Хԥа-ԥшьба шықәса раԥхьа акәзар ҟалап ианаҳбаз, аангылара ишалагаз, иаҳа-иаҳа ирацәахоит рхыԥхьаӡара. Нас акрырҿаҵара ҳалагеит. Аџьықәреи аарыхны акуатақәа иаҳзаауа рзы ҳәа ааныжьра ҳалагеит. Уи аҩыза аԥҟара аԥызҵаз саб иоуп, урҭ "ҳасасцәа" роуп, урҭгьы пату рықәҵатәуп иҳәеит. Есышьыжь ҳгыланы акрырҿаҳҵон, аџьықәреи каҳаԥсон. Аԥхьа имаҷын, 10-20 рҟынӡа еизон, нас иаҳа-иаҳа ирацәахеит, анапгьы иашьцылеит, апортреҭгьы рыцҭухыртә иҟалеит", - иҳәеит Қәираиа.

Иара иазгәеиҭеит абнатә кәатақәа аӡиа Шәқәырча иадԥхьалартә иҟазҵаз ауаа рҟынтә ԥырхага ахьырмоуа шакәу.

"Саргьы ашәарыцара ныҟәызгар сҭахуп, ахәыҷқәа аԥсабара бзиа дсырбар сҭахуп, агәынкылара ацзар сҭахуп. Ауаа рыкәшамыкәша еимырдароуп аԥсабара абзиабара, иҟауҵар иауа-иамуа. Ишдыру еиԥш, аԥсабараҟны ахымҩаԥгашьазы аԥҟарақәа рацәоуп… Абиԥарала еимдатәуп, аҿар ираҳәалатәуп ахынкылара шаҭаху. Иаҳбоит есышықәса ашәарыцара иаҳа ишԥсыҽу, ҳаззышәарацогьы маҷхеит, сҳәашьа акалашәа иҟазаргьы аԥсыцәгьара иааҳарԥшуа ауп изыхҟьо. Хәыҷык ҳаҽнаҳкылар аԥсабара иазеиӷьхоит", - иҳәеит Қәираиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0