Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Прудникова: аҵаратә процесс аиҭахацыркразы азин ҳгәы иахәеит, аха ашәарҭарагьы ацуп

© Foto / предоставила Елена Прудникова Елена Прудникова
Елена Прудникова - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2021
Анапаҵаҩра
Елена Прудникова ԥшьҩык ахәыҷқәа дрануп. Арадио Sputnik аефир аҿы лара илҳәеит аҵаратә процесс апандемиа аамҭазы аиҭахацыркра лара ашәарҭара ду шлызцәырнаго.

2021 шықәса жәабран 15 инаркны азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә классқәеи (1-4 аклассқәа) русура алагара. Жәабран 22 инаркны аҵаратә процесс иалагар рылшоит 5-11 аклассқәа рҵаҩцәа.

Прудникова: аҵаратә процесс аиҭахацыркразы азин ҳгәы иахәеит, аха ашәарҭарагьы ацуп

"Азныказы ҳгәы иахәеит, аха уаназхәыцлак, даара ишәарҭоуп. Ҳаҩны иҩноу абырг слыцәшәаратәгьы ҳаҟоуп, ачымазара аҩныҟа иааҳгар ҳәа сшәоит. Ахәыҷқәа ачымазара еиҳарак имҩаныргоит ҳәа иԥхьаӡоуп, аха ирыхьны даҽакала ирхыргар ҳәа сшәоит. Ҳахьеицәажәо аҭаацәагьы уи ауп ирҳәо, ахәыҷқәа аҵара рҵар рҭахуп, аха ашәарҭарагьы ацуп. Ҳаргьы аусурахь ҳныҟәоит, аха ишахәҭоу еиԥш ҳҽацәыҳахьчоит ачымазара, асабрадақәа, анапҭарԥақәагьы ҳамӷоуп, аха иудыруеи?! Сара ашкол аҿы аус зуеит ахәыҷқәа зегьы сара сылоуп ашкол ишыҩналогьы, убри аҟнытә ашкол ахь ацара хәыҷык агәыҩбара сызцәырнагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Прудникова.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0