Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Логәуаԥҳа аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы лзы: даҽа ҟазшьак, ҟыбаҩк лылоуп

© Foto / Наала ХашигРимма Логуа
Римма Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2021
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи ашьхарыуаа рышкол аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Римма Логәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит аиҵбыратә классқәа рымҩаԥгаразы ашкол ахь инеиуа арҵаҩцәа ахәыҷқәа даара бзиа избо роуп ҳәа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала гәыԥҩык арҵаҩцәа–ааӡаҩцәа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵан жәабран 16 рзы. Урҭ рыбжьара дыҟоуп 50 шықәса инарзынаԥшуа ашкол аҟны аус зуа аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы, Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи ашьхарыуаа рышкол аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Римма Логуаԥҳа.

Логәуаԥҳа аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы лзы: даҽа ҟазшьак, ҟыбаҩк лылоуп

"Сара даҽакала аӡәы иҳәаргьы ихасҵом - аиҵбыратә школ ахь аус зурц ицо арҵаҩы даара ахәыҷқәа бзиа избо лоуп. Ахәыҷқәа рымаӡақәа зегьы арҵаҩы иларҳәоит, анык леиԥш бзиа дырбоит, ларгьы лхәыҷқәа бзиа илбоит… Аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы даҽа ҟазшьак, ҟыбаҩк лылоуп, илымаӡам атәаха. Ахәыҷқәа аӡәы ибӷа лыриашоит, егьи икалам шику гәаҭаны илырҽеиуеит, даҽаӡәы диабжьоит", - лҳәеит Логәуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0