Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәбаз еиҭеиҳәеит, аԥхаррақәа раан "ацәа иалҵыз" аҵиаақәа ахьҭақәа шырныруа

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Губаз
Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥхарамшқәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҳауа хьшәашәа аҵиаақәа ныррас ирырҭаз атәы.
Гәбаз еиҭеиҳәеит аԥхаррақәа раан "ацәа иалҵыз" аҵиаақәа ахьҭақәа шырныруа

"Ԥхынҷкәын мзазы аӡынра ҳҽазыҟаҳҵеит. Ҳзыцәшәоз аҵиаақәа зегьы хаҳҩеит аҵаара иацәыхьчахартә еиԥш. Зынӡа аҵаа ззымычҳауаз аҩнуҵҟа иҩнаҳгалеит, иҳамоуп атеплица. Сынтәа аԥхаррақәа инеиԥынкылан акыр мшы иҟамызт, аха ацәа иалнахыз аҵиаақәа хкқәа ыҟоуп, урҭ, хымԥада, ари ахьҭа иҟалаз рԥырхагоуп, ашәҭқәа зегьы ицәырыргаӡом иаразнак, аха ус еиԥш ишәҭызгьы рышәҭыц хҩаауеит, иԥхасҭахоит, аха иаҳарак имышәҭыз рацәоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәбаз.

Гәбаз иҳәеит иҷыдоу аҵиаақәа, атропикатә ахь иаҵанакуа, аибашьра ҟалаанӡа 700 хкы шыҟаз, аха дара зегьы аибашьра ишалаӡыз. Иара иажәақәа рыла, уи аахыс иаанхаз маҷуп, аоранжереиа шьақәыргылахаанӡа урҭ рзаагаӡом.

"Дара иԥшӡаны ишәҭуеит, ауаҩы ила хыркуеит, асасцәагьы анааиуа игәарҭон, иазҿлымҳан. Афондтә оранжериа ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп, атропикатә ҵиаақәа ҟалон, ҳбаҳчагьы акыр ибеиахон", - ҳәа иҳәеит Гәбаз.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0