Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кьахьыриԥа Гагратәи атехникум аҿы Урыстәыла аҵараиурҭа афилиал аартра ргәы ишҭоу иҳәеит

© Foto / предоставил Кяхирипа Лаша Кяхирипа Лаша
Кяхирипа Лаша  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Анапаҵаҩра
Кьахьыриԥа ихьӡ зху Гагратәи агуманитар-ааглыхратә техникум аҟны иаартхар ауеит Урыстәылатәи аҵараиурҭа афилиал. Уи лшарас иаԥнаҵо, атуризм ахырхарҭала азанааҭқәа зауа усурҭала Гагра иахьынӡеиқәшәо атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит атехникум аиҳабы Лаша Кьахьыриԥа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кьахьыриԥа Гагратәи атехникум иҭало ԥхьаҟа лшарас ироур ауа

Грибоедов ихьӡ зху Жәларбжьаратәи азини аекономикеи ринститут аҟны атуризм ахырхарҭала Аԥснытәи абитуриентцәа разыҟаҵара азҵаара алшоны ирбоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәахьан аинститут аректор ихаҭыԥуаҩ Николаи Королиов.

"Атехникум аартуижьҭеи 26 шықәса ҵуеит, ҳаушьҭымҭацәа 1500-ҩык иреиҳаны иҟоуп. Урҭ аус руеит Гагра, Гәдоуҭа араионқәа еиуеиԥшым анаплакқәа рҟны. Жәабран 21 рзы ҳаиқәшәеит Москватәи Грибоедов ихьӡ зху аекономикеи азинхьчареи ринститут аусзуҩцәеи ҳареи. Аусеицура ҳадыргалеит, аинститут афилиал атехникум аҟны аартра. Атуризм иадҳәалоу азанааҭқәа ҳтехникум аҟынгьы иҳамоуп… Ҳалацәажәеит арҭ азанааҭқәа ԥхьаҟа реизырҳара. Макьана шәҟәыла аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳамҵацт, ҳазыԥшуп", - иҳәеит Кьахьыриԥа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0