Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә хеилак аԥҵара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада иҳаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аизараҿы. Аиқәшәара иалахәын аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Бадра Гәынба еиҭеиҳәеит ахеилак аԥҵара хықәкыс иамоу атәы.
Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп

"Аполитикатә партиақәа роума, аԥшьагаратә гәыԥқәа роума, ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа хаҭала азхәыцра азуны абас еиԥш иҟоу аформат иаҳа иазымариахап ҳәа иазиԥхьаӡеит атәыла ахада. Сгәы иаанагоит ас еиԥш ажәалагала ахаҵгылара аиуп аизара ашьҭахьгьы. Ари ажәлар иргәаԥхап ҳәа акәӡам ҳшазнеиуа, ари алҵшәа аиур ҳҭахуп. Уи азы ҳара ҳашәқәа аарҭуп аимадаразы, ҳазыхиоуп Аԥсны иахәо азҵаара аӡбараҿы иахәҭоуп ҳәа азҵаара иқәзыргыло иацәажәара. Ахеилак аҿы аполитика иаҳа имаҷны, ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хьанҭақәа, асоциалтә, ашәрҭадаратә, адәныҟатәи аусқәа рҭагылзаашьа, уҳәа ахьырыӡбо ҭыԥны иҟалап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0