Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аџьынџьал иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан иалагалоу аԥсахрақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРисмаг Аджинджал
Рисмаг Аджинджал - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Алхратә комиссиа алахәылацәа раԥшьгарала аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рымҩаԥагаразы иалагалоуп азакәантә шьаҭа змоу арҽеирақәеи, арҿыцрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәатәи алхратә комиссиа алахәыла Рисмаг Аџьынџьал.
Хра злоу ахҭысқәа: Аџьынџьал аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара иазкны

Аҟәатәи алхратә комиссиа аинициативтә гәыԥқәа ашәҟәы ранҵара хацдыркуеит хәажәкыра 2 инаркны.

Выборы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан "зегьы сырҿагылоуп" аграфа алырхит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, алхрақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы".

"Акомиссиа астатус амазароуп. Алхарақәа рымш аҽны ауаа аусутә раҳҭоит алхрақәа аус рыдырулартә еиԥш. Алхратә комиссиа ирылаҭалатәуп ауалафахәы. Азакәан излаҳәоз ала уи азы азин ҳамамызт, аӡәы аусура иааԥхьара, уи азы аԥара изшәаразы, аха уажәшьҭа уи аҭагылазаашьа ԥсахуп. Аҩбатәи- есымша проблемас иҳаман алхратә сиақәа. Хаҭала асиақәа уанрызхәыцлак, алхраҿы ауаҩы ихы рылаирхәуеит атәылауаҩшәҟәы ала. Закәанла уахәаԥшуазар, алхратә сиақәа иаҳа ииашаны измоу апаспорт-визатә маҵзуроуп. Шықәсқәак раԥхьа апаспортизациа Аԥсны имҩаԥган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иахь ашәҟәы ҳҩит, дахаҵгылеит, иҳауит апаспортә-визатә маҵзура иамоу абаза. Убарҭ рыла аус хурц ҳҭахуп, еилаҳкаарц ҳҭахуп, шаҟаҩы Аҟәа инхо. Иара убас иԥсахын алхырҭатә ҭыԥқәа. Иҟан аҭыԥқәа 400-ҩык алхрақәа рхы ахьрыладырхәуаз, иҟан 1500-ҩык раҟара алхыҩцәа ахьыҟазгьы. Иахьынӡаҳалшоз зегьы еиҟараны еицырзеиԥшны иҟаҳҵеит", - еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0