Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Агрԥҳа 100 шықәса раԥхьа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара иазкны

© Sputnik / Марианна Кубрава Илона Агрба
Илона Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ, ААУ арҵаҩы Илона Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит 100 шықәса раԥхьа Аԥсны асовет мчра ашьақәыргылара шыҟалаз, насгьы уи иаԥхьагылаз ахҭысқәа ртәы.

 

Хра злоу ахҭысқәа: Агрԥҳа 100 шықәса раԥхьа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара иазкны

"Март 4 рзы Асовет мчра шьақәгылеит Аҟәа, аха Аԥсны иахьабалак ус еиԥш иҟамлеит. Араионқәа зегьы рҿы еиуеиԥшым арыцхәқәа рзоуп ари ахҭыс аныҟала. Уи иаанагоз ажәытәра цеит, ажәытә политикатә мчра ықәҵит, аҿыц ааит ауп. Ари револиуциоуп, избанзар, амчрахь иааит зынӡа иҿыцыз абольшевикцәа рымчра. Ҳәарада, ари амчра ҭынч ишьақәымгылеит, уажәтәи аамҭазы "акадифатә" револиуциақәа ҳәа изышьҭоу иашьашәалоуп, аха усҟантәи ареволиуциа бџьарла ишьақәгылаз ауп, мчыла иҟалаз. Уи иалахәын арратә мчрақәа, иалахәын Кьаразаа, дара бџьарла еиқәных иҟан. Убри аҟнытә ари ҭынч ишьақәгылаз мчроуп уҳәартә иҟам. Уаанӡа Кьаразаа ззықәԥоз асоветтә мчра азоуп ҳҳәозҭгьы, иахьа уи афакт еиуеиԥшым агәаанагара ахылҿиаауеит. Идыруп асовет мчра ашьақәыргылара залшахомызт аменьшевикцәа ықәымцакәа. Аменьшевикцәа уи еиҳарак ақырҭцәа ракәын – асоциалтә-демократиатә партиа алахәылацәа. Усҟантәи аамҭазы Қырҭтәылеи Аԥсни ишьақәгылан иҟаз еиҳарак дара рымчра акәын, уи, ҳәарада, аԥсуаа алахәын, аха амчра еиҳарак аменьшевикцәа ракәын изкыз. Убри аҟнытә, ари аидыслара ганкахьала иаман апартиатә ҟазшьа, аменьшевикцәеи абольшевикцәеи реиҿагылара, даҽакала иаҳҳәозар, аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥара иазкын", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0