Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа арепатриантцәа ирыхәҭоу ацхырааразы

© Sputnik / Марианна Кубрава Вадим Харазия
Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арепатриантцәа иарбан цхыраара хкқәоу иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарра аҟынтәи ироуа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа арепатриантцәа ирыхәҭоу ацхыраара атәы

Арепатриантцəа асоциалтə материалтə цхыраара рыҭара азҵаара иазкны хәажәкыра 4 рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы аҟны имҩаҧысит аколлегиа инарҭбааз аилатəара. Аколлегиа аилазаара иалалеит аилак аҟны аус зуа реиԥш ауаажəларратə усзуҩцəагьы. Аилатəараҟны ишьақəыргылан “Арепатриантцəа рзы асоциалтə цхыраара ахкқəа” захьӡу апроект. Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь анхара иаауа, хәышықәса арепатриант истатус имоуп.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа ицәажәараҟны убасгьы иҳәеит Ҭырқәтәыла Адаԥазар иахьаҵанакуа Қоџьаели аҭыԥ аҟны, аԥсуаа раԥхьа иахьыӡхыргаз, есышықәса лаҵара 21 рзы агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ахьеиҿыркаауа, хәажәкыра 10 рзы аҵлақәа шеиҭарҳауа. Ҳаԥхьаҟа уа амузеигьы аиҿкаара азгәарҭоит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0