Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа аԥкрақәа рнаҩс арҿиаратә гәыԥқәа рықәгыларақәа реиҿкааразы: аусура ҳазгәышьуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы COVID-19 иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа рнаҩс, акультуратә хәышҭаарақәа маҷ-маҷ аусура иалагоит. Жәлар рҟазара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арҿиаратә гәыԥқәа рықәгыларақәа реиҿкааразы гәҭакыс ирымоу, иахьынӡазхиоу атәы.
Кәарҷиа аԥкрақәа рнаҩс арҿиаратә гәыԥқәа рықәгыларақәа реиҿкааразы: аусура ҳазгәышьуеит

Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа жәпакы рԥсыҽуп жәабран 22 инаркны. Убри аан хәажәкыра 10 рҟынӡа аспорттә обиектқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура, арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа, акомпиутертә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа русура азин ыҟам.

"Ачымазара иахҟьаны ҳнапқәа ҿаҳәан. Аусура ҳазхиоуп, ҳазгәышьуеит, аха арҿиаратә гәыԥқәа макьана аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргартә еиԥш азин рырымҭацт. Ахәыҷқәа ирызҳаит, ирзырӡаххьаз амаҭәақәа ирҭамло иҟалеит. Аԥсны 40-50 рҟынӡа ахореографиатә гәыԥқәа ыҟоуп. Урҭ иддырҵаз зегьы ахәыҷқәа ирхашҭуеит, ачымазара (COVID-19 –аред.) еиҭаҳәашьа амамкәа аҟазара ианыԥшит. Шықәсыла еизаҳгоз, ҿыц ҳалагома уҳәартә еиԥш аус ду ҳаԥхьа ишьҭоуп. Зегьы рҿыцтәуп, аиҿкааратә усқәа рацәаны имҩаԥгатәуп. Хәыҷык ихьысҳахаргьы, мызкы иалагӡаны есҽны аус рур, иргәаладыршәап, ахореографиатә гәыԥқәа шьақәгылап ҳәа сыҟоуп", - иҳәеит Кәарҷиа.

Иара еиҭеиҳәеит хәажәкыра анҵәамҭазы Нальчик афестиваль шымҩаԥысуа, уи иалахәхараны ишыҟоу Аԥснынтәи ахәыҷқәа.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәышоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0