Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг: ауаҩы данынхаҩха, ақыҭа азҵаарақәа рҟны "дпрофессорзароуп"

© Foto / предоставил Аслан Хашиг Аслан Хашиг
Аслан Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Анапаҵаҩра
Ааԥынра ааит шаҳҳәоз асы леит. Арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы Хәаԥ инхо Аслан Ҳашыг еиҭеиҳәеит сынтәатәи аӡынра анхаҩы изы ибзиоуп ҳәа зиԥхьаӡо.
Ҳашыг: ауаҩы данынхаҩха, ақыҭа азҵаарақәа рҟны "дпрофессорзароуп"

"Сынтәа аӡын ихьшәаны иалагеит, аха аҽарцәгьеит. Аиҳабацәа ирҳәалон амза 13 рҟынӡа аӡын иатәуп ҳәа. Ааԥынра ҳазлаҭалахьоу ала сынтәа хәыҷык иханарҟьеит. Жәашықәса раҟара ҵуеит ас еиԥш аҵаа, асы ҳзыҟамлеижьҭеи, аха уи бзиоуп. Ахәаҷамҷақәа ашьуеит, адгьыл иаҳа аҽаҩра беиа унаҭоит. Ааԥын ҳҭалоит, анхара аамҭа ааиуеит, анхаҩы изы (ас еиԥш амш - аред.) иаҳа ибзиоуп. Жәабранмзазы асы бзианы иҳазлеит, шьҭа илеихьоу ҳазхап шаҳҳәоз, иаха еиҭа иҳазлеит аимааҿышәара, ахьҭагьы аҷыхьгьы ацны. Абри аӡын аӡхақәа рахь инеиуа аӡқәа шьҭа иаангылома уҳәо аҟынӡа инеиуан, аԥсабара хәыҷык аӡы ацәмаҷын. Ашьхара асы бзианы имлеир, нас аԥхьаҟа аҽаҩра аарыхраҟны ауадаҩрақәа ҟалон, убри аҟынтәи угәы иахәаратәы иҟоуп, хәыҷык иаҳцәыхьанҭазаргьы", - иҳәеит Ҳашыг.

Иара убасгьы иара дазааҭгылеит аҟашәа азҵаарагьы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0