Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габалиа аԥсышәала ицәажәо ахәыҷтәы сериал азы: еидара дук шьҭаҳхызшәа сгәы иабоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Дырмит Габалиа
Дырмит Габалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд аспециалист Дырмит Габалиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы сериал аҭыхра хықәкыс иамоу атәы.
Габалиа аԥсышәала ицәажәо ахәыҷтәы сериал азы: еидара дук шьҭаҳхызшәа сгәы иабоит

"Асериал - ари арҵагатә методика иахәҭаку материалуп, иара ҳара авидеоматериал ҳәа ҳашьҭоуп. Асценари исахьаркны еиқәыршәоуп. Иара иалоуп ихымԥадатәу ажәақәа, афразақәа. Ҩымз рыбжьара ф-сериак рҭыхра азгәаҭоуп, анаҩс еиҭа жәбаҟа ԥхьаҟа иҟалоит, уи аԥхын иалагӡаны. Асериалқәа иаԥаҳҵаран иҟоу ахәыҷтәы Youtube-канал аҿы иҟалараны иҟоуп. Уажәы иҭыху асериақәа азкуп афатә аҟаҵара. Иаԥаҳҵаз арҵагатә методикаҟны иҟоуп ахәҭа ахәыҷқәа афатәқәа рыхьӡқәа ахьырҵо, урҭ рыҟаҵашьа, уи иалоу амарҭхәқәа ахьырҵо. Ари зегьы ахәыҷқәа рбызшәа арҭбаара иазкуп. Анаҩс иазгәаҭан иҳамоуп ақыҭаҿы, арахә-ашәахә ахьыҟоу аҭыхрақәа. Уаҟа дара рабду ицхраауеит, анхара иаҵанакуа ажәақәа ирдыруа шьақәдырӷәӷәоит, ирзымдыруа днарҵоит", - еиҭеиҳәеит Габалиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0