Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Марыхәба: "Амцабз" ианаршьаз агран-приқәа ахәыҷқәа аргәырӷьеит, иарцыхцыхит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаша Марухба
Лаша Марухба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арҿиаратә фестиваль-аицлабра "Аҟазарақәа рпланета" аҟны акәашаратә ансамбль "Амцабз" агран-приқәа 4 анашьан. Афестиваль ахь инаргаз акәашарақәа, ишықәгылаз уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амцабз" асахьаркыратә анапхгаҩы Лаша Марыхәба.

Хә-номерк рҟынтәи агран-приқәа 4, убасгьы актәи аҭыԥ анашьан Москва еиҿкаау акәашаратә ансамбль "Амцабз" афестиваль "Аҟазарақәа рпланета" аҟны. Жәларбжьаратәи арҿиаратә фестиваль–аицлабра Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуан хәажәкыра 21 рзы.

Марыхәба "Амцабз" ианаршьаз агран-приқәа рзы: ахәыҷқәа аргәырӷьеит, иарцыхцыхит

"…Ари афестиваль ахь атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә аколлективқәа аауеит, аха сынтәа еиҳарак иалахәыз Москвеи егьырҭ Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи аколлективқәа роуп. Ҽнакала имҩаԥыргеит афестиваль, хы-хәҭакны ишан. Ахореографиаҟны ицәырган аестрадатә, аклассикатә, жәлар рыкәашарақәа, ацирктә, агимнастикатә уҳәа ирацәан аноминациақәа. Ижәбоит нас сентиабр аахыижьҭеи аҭагылазаашьа шыҟоу (апандемиа иадҳәаланы - аред.), иахьынӡаҳалшоз аколлектив аҳмыркӡеит, ашьшьыҳәа аусура ҳаҿын. Ачымазара иацәшәоз, ицоз ыҟан, аха анс аума, арс аума, излаҳалшоз ала хә-номерк дҳарбеит. Аҷкәынцәа 9-10 ҩык раҟара адаул иасуа, нас икәашо усгьы аномер ҳаман. Идҳарбаз акәашарақәа рыбжьара иҟан аԥсуа, ачечен, даӷьысҭанаа, ашьхарыуаа рыкәашара. Ԥшь-номерк рзы агран-при ҳарҭеит, аԥсуа кәашара актәи аҩаӡара алауреат ҳәа ахраҿа ацҵаны иҳарҭеит. Афестиваль аҟны 140 раҟара аномерқәа ыҟан, аколлективқәа рацәан…", - иҳәеит Марыхәба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0