Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиба еиҭеиҳәеит 2020 шықәсазтәи арранаԥхьара аплан зынагӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукЭрик Адлейба
Эрик Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны арратә мчқәа рҿы ҭагалантәии ааԥынтәии арранаԥхьара аплан нагӡам, уи зыхҟьаз афакторқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит арратә комиссариат аҩбатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ерик Адлеиба.
Адлеиба еиҭеиҳәеит 2020 шықәсазтәи арратә маҵзурахьы ааԥхьара аплан зынагӡам

"Аплан анагӡара зыхьҟоу арԥарцәа аҵарахьы ианцо ауп, дара иҭалоит Урыстәылатәи аҵариурҭақәа, азакәан аҿы ишарбо ала уи ирынаҭаӡом азин арратә уалԥшьа анагӡара. Уахь аҵара зҵо бакалавр ала рҵара анхыркәшалак ашьҭахь иааны арра иахысроуп, аха ус еиԥш ҟазҵо зынӡаск имаҷуп. Ахәыҷқәа рҵара иацырҵоит амагистратуреи аспирантуреи рҟны. Абри апроблема ду цәырнагоит. Арратә маҵзура иаҵанакуеит 18-27 шықәса зхыҵуа арԥарцәа. Уи нахыс дара руалԥшьа рзынагӡом, арра билеҭгьы роуӡом. Аррахь имааиз ахәыҷқәа рсиа иахьыхәҭоу аусбарҭақәа рахь ирышьҭуеит, аха Урыстәыла аҵара зҵо рҟынӡа ҳара ҳнапы наӡом. Уи анаҩс ирацәахьеит згәы бзиам ахәыҷқәа, аҿкы ачымазарагьы иара атәы ҟанаҵеит. Ааԥынтәи акомпаниа иалагоит мшаԥымза 23 рзы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0