Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Актиор Гыцба: сыԥсҭазаара здысҳәалаз аус сахьымхәӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция молодежного театра
Пресс-конференция молодежного театра - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа 85 шықәса ихыҵит актиор, Аԥсны Жәлар рартист, Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Шьалуа Гыцба.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: актиор Шьалуа Гыцба

Шьалуа Ҷыф-иԥа деицырдыруеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр инагоу актиор иаҳасабала, атеатр асценаҟны инаигӡахьан еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа, иара убас дыхәмархьеит асахьаркыратә фильмқәа рҟны. Ааамҭак азы Шьалуа Гыцба напхгара аиҭон Шәарах Ԥачлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр. Ҳаамҭазы аус иуеит режиссиорс Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аҟны.

"Аира амш азгәаҭара сҭахым, избанзар Анцәа иуиҭаз аԥсҭазаара даҽа шықәсык ахыҵуеит… (дыччоит). Убри ауп исгәамԥхо",- иҳәеит Гыцба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0