Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бганба Аԥсны COVID-19 азы: ачымазара зхызгаз рхыԥхьаӡара макьана имаҷуп

© Foto / предоставил Бганба Алмас Бганба Алмас
 Бганба Алмас - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимотолог Алмас Бганба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит COVID-19 ҳтәылаҿы ацәырҵра рыҽшазырҟарҵоз, зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан рҭагылазаашьа зеиԥшраз атәы дазааҭгылеит.
Бганба Аԥсны COVID-19 азы: ичымазара зхызгаз рхыԥхьаӡара макьана имаҷуп

"Ачымазара Аԥсны ианааз ҳгәы иаанагон ҳҽазыҟаҳҵеит ҳәа, аха ианааи еилаҳкааит, аҭагылазаашьа даара ишыцәгьахаз. Ачымазаҩцәа анырацәаха аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи рхыԥхьаӡара маҷхеит, абри аҭагылазаашьа даара ауадаҩрақәа ацын", -  еиҭеиҳәеит Бганба.

Ачымазара зынӡа аҽарцәгьан ианыҟаз аамҭазы, иара убас, зыпсҭазаара иалҵуаз анырацәаз, иаҳнарҵеит ахымҩаԥгашьа.

"Ауаҩы иажәақәа рызхәыцра, аԥҟарақәа рықәныҟәара, аха ауаҩы зегьы дашьцылоит. Иара уажәгьы аӡәгьы асабрада ихаӡам, угәы иаанагоит шьҭа акгьы сыхьӡом ҳәа, аха ачымазара аҩныҟа инаугар улшоит. Макьана имаҷуп Аԥсны ичымазара зхызгаз рхыԥхьаӡара, уи уахәаԥшыр еилукаауеит, ҳаԥхьаҟа ацәқәырԥақәа ҳзыԥшызар ауеит ҳәа. Макьана аҽарҭынчра заацәоуп", -  еиҭеиҳәеит Бганба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0