Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷолариа Аԥснытәи аруаа "Саянский марш" ралахәхаразы: акрааҵуеит иаҳҭахуижьҭеи

© Sputnik / Томас ТхайцукТомас Чолария
Томас Чолария - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит аицлабра "Саянский марш" аҽалархәразы. Атәылахьчара аминистрра арратәи, аморалтә-психологиатәи ҽазыҟаҵаразы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Томас Ҷолариа урҭ рымҩаԥысшьа атәы еиҭеиҳәеит.
Ҷолариа Аԥснытәи аруаа "Саянский марш" ралахәхаразы: акрааҵуеит иаҳҭахуижьҭеи

АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурс еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабрақәа ирылахәхоит 95 тәыла. "Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуеит мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.

Аицлабра "Саянский марш" мҩаԥгахоит Тува. Амза 7 рзы ҳаруаа уахь инеиуеит, 8 рзы иалагоит аҽазыҟаҵарақәа, аицлабра амаршрутқәа рбарц, иахысырцаз, ҳәа азгәеиҭеит Ҷолариа арадиоефир аҿы. Аԥснытәи акоманда злаху аицлабра иалагоит мшаԥы 18, инҵәоит 19 рзы.

"Иалахәхо ҳаруаа аҵара рҵоит Санкт-Петербургтәи аинститут аҿы. Абҩарҵәырала еиҳарак иалукааша рԥысцәоуп. Абҩарҵәыра адагьы, аруаа ахысшьа бзианы ирдыруазароуп, аныҟәарақәа. Аицлабра аҽалархәразы иаҭахуп амч, ашьха акыдлашьа бзианы иудыруазароуп. Ашәуала аныҟәарагьы аҭаххоит, убри усҟак ҳазыҟаҵам, аха ҳаԥхьаҟа ҳазхәыцуеит ҳԥышәа шышьҭаҳхаша. Ашьхараҿы еибашьуаз аветеранцәа ҳаарыдҵааланы иаҳа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара шеиӷьу ҳәа еилаҳкааит. Акрааҵуеит ари ацлабра ҳҽалаҳархәыр ҳҭахуижьҭеи", - иҳәеит Ҷолариа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0