Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәрааԥҳа: аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа рааразы изеиԥшразаалакгьы ԥынгылак ҟалар, уи иархәыцуеит

© Sputnik / Леон Адлейба Самилия Квирая
Самилия Квирая - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа туристтә компаниа адиректор хада Самилиа Қәрааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Роспотребнадзор Урыстәыла акоронавирус аламырҵәаразы ишьақәнаргылаз аԥҟарақәа Аԥсныҟа иаарц згәы иҭаз рҿы зҿлымҳарас иамаз атәы.

Урыстәыла алалараан иаларгалаз аԥҟарақәа ирыҵаркӡом аурыс-аԥсуа ҳәаа уахьгьы арахьгьы иахысуа Урыстәыла атәылауаа, уи ҿҳәарала шаҟа ицо иаауагьы иахьыԥшым ҳәа аилыркаара ҟарҵеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы.

Уи аԥхьа, Роспотребнадзор иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы иркьыԥхьроуп.

Қәрааԥҳа: аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа рааразы изеиԥшразаалакгьы ԥынгылак ҟалар, уи иархәыцуеит

"Ас еиԥш аԥкра алагалахозҭгьы, раԥхьа ҳара ҳакәын изныԥшуазгьы, избанзар, ҳа ҳахь иаауа аԥсшьаҩцәа хымш инеиҳаны зыԥсы зшьо роуп. Аминистрцәа реилазаара рҟынтә иааз ажәабжь даара ҳаигәырӷьеит, атуризм ҳара ҳзы, уи знапы алаку, иара усгьы маҷк иадымхаргьы уи иахьыԥшу рзы, ари аамҭа акырӡа аҵанакуеит. Ари проблема дуухон зегьы ҳзы. Иахьа, иацы иаараны иҟаз рзы Роспотребнадзор аҟынтә ажәабжь рааразы агәыҩбара рызцәырнагозҭгьы, амчыбжь иалагӡаны иаараны иҟоу рзы уи проблемам. Ҳара ӡыргарак ҳасабала иаразнак ирылаагалоит аԥкрақәа шыҟам атәы, анаҩс даргьы ирылаҵәоит. Даара ҳгәы шьҭнахит ажәабжь. Атуризм иаҿу асезон иалагаанӡагьы иалаҳгало ҳџьабаа рацәоуп, аԥара маҷымкәа иаҭахуп аусура аиҭахацыркразы, аха уи аан ҳақәгәыӷуеит асезон бзиа. Ҳџьабаа бзабаан иаҳԥылап ҳәа, аԥеиԥш бзиа ҳақәгәыӷуеит. Аԥсныҟа ааразы ԥкрақәак алагалахар, аԥсшьаҩцәа уи иархәыцуеит, избанзар, иара уеизгьы имаҷым ауадаҩрақәа ирԥыло рыԥсшьараамҭа ара ирхыргарцаз, иара аҳәааҿы иҟало агәаранқәа уахь иналаҵаны", - ҳәа еиҭалҳәеит Квираиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0